Арадио

Чагәааԥҳа апроект "Орфеи" азы: ақыҭа хәыҷқәа рбаҩхатәра амҩа азаанартыр ҳҭахуп

Очамчыра араион аҟны имҩаԥысуа ахәыҷтәы вокалтә еицлабра "Орфеи" апресс-маӡаныҟәгаҩ Сельма Чагәааԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит апроект ахықәкыи уи амҩаԥгашьеи зеиԥшрахо.
Sputnik

"Очамыра араион ақыҭақәа рҟны ирзыӡырҩын 97-ҩык ахәыҷқәа. Абҵара 17-18 рзы Очамчыра араион акультуратә хан аҟны алԥшаарақәа рахь 30-ҩык ахәыҷқәа ааԥхьара рыман. Урҭ рҟынтәи 20-ҩык аицлабрахь инашьҭуп. Раԥхьатәи аконцерт иахьа имҩаԥысуеит. Ахәыҷқәа рхала иалырхыз ашәақәа нарыгӡоит аԥхьатәи рықәгылараҟны. Анаҩстәи аконцерт Ашықәс ҿыц ҳҭалаанӡа амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп, уа иԥҟара хаданы иқәгылоуп аԥсуа ашәа анагӡара. Ахԥатәи ахыркәшаратә концерт анымҩаԥгахо макьана иӡбам. Аицлабра иалахәу ахәыҷқәа акәаталақәа рыла рықәгылара ахә шьахоит. Иҟоуп ажиури, иара убас ҳсаит аҟны абжьыҭарақәагьы мҩаԥгахоит.

Апроект даара азҿлымҳара амоуп. Алԥшаарақәа ақыҭа хәыҷқәа рыбжьара имҩаԥаагон рҟазареи рбаҩхатәреи амҩақәа рзаартра хықәкы хадас иҳаманы. Избанзар иахьа ақыҭақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу иаҳдыруа ауп", — ҳәа азгәалҭеит Чагәаа.