Атәыла ахада Очамчыра ахәыҷбаҳча аргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит

Очамчыра ахәыҷбаҳча аргылара мҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә цхырааразы Аинвистициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

ОЧАМЧЫРА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынҷкәын 5 рзы Очамчыра ахәыҷбаҳча аргылара амҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Акапиталтә ргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Игор Амқәаби аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Ҭемыр Тҟьебучааи атәыла ахада изеиҭарҳәеит аргыларақәа шцо атәы.

"Ахәыҷбаҳча аргылара нап аркын 2017 шықәса рзы. Ара игылаз ахыбра ажәхьан. Иара зынӡа иқәаагеит. Аҿыц ҳаргылеит. Уажәазы аргылара хыркәшоуп, ақә ақәҵоуп", — иҳәеит аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Ҭемыр Тҟьебучаа.

Ахыбра фымцатә цәаҳәала еиқәыршәоуп.

"Ҵыԥх иаҳзоужьыз 40 миллион мааҭ ҳхы иаҳархәеит. Сынтәа ахархәараз иаҳзоужьуп 49 миллион мааҭ", — иҳәеит иара.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит ахыбра аргылараз иаҭахны иҟоу аԥара шазоужьу. Аекономикатә ҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩугьы аобиект аҵакы азгәаҭаны аргылара иаҿуп ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Очамчыра ахәыҷбаҳча аргылара мҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә цхырааразы Аинвистициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аргылара иалаган 2017 шықәса рзы. Аобект ахәԥса иартәоит 129 миллион мааҭ.