Арадио

Чқәуа: шықәсыцыԥхьаӡа Аԥсны ашьапылампыл амч иагхоит

Гагратәи ахәмарыҩ Џьанқаҭ Чқәуа арадио Sputnik аҟны далацәажәеит Аԥсны ашьапылымпыл аҭагылазаашьа.
Sputnik

"Аиаша ҳҳәозар, ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат есышықәса амч иагхоит, акомандақәа рхыԥхьаӡара сынтәа фба роуп иҟоу. Аибашьра ашьҭахьгьы ампыл сасуан, усҟан иаҳа аицлабра ыҟан, ахәмарыҩцәагьы рацәан.

"Аԥсны ашьапылампыл апрограмма бзиа аҭахуп. Абри аус ахәыҷкәа рҟынтәи ҳалагароуп. Сара иахьазы 40 шықәса схыҵуеит, Гагратәи акоманда аҟны сыхәмаруеит, иҳашьҭанеиуа аҿар ыҟаӡам. Ашьапылымпыл иасуа маҷуп. Иахьазы ахәмарыҩцәа реиҳараӡак 30 шықәса ирҭысхьоу роуп иҳамоу. Ҳусқәа зегьы апрограмма бзиала ҳалагароуп, аамҭа рацәа аҭаххоит, аха уи ада ԥсыхәагьы ыҟаӡам", — иҳәеит Чқәуа арадио Sputnik Аԥсны аефираҿ.

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат актәи аикәшара хыркәшоуп, егьырҭ  ҩ-еикәшарак ааԥын имҩаԥгахоит, лаҵарамзазы ахәмаррақәа рҟны аиааира згаз еилкаахоит.
Аԥсны ашаьпылампыл азы XXVI-тәи  ачемпионт иалахәуп акомандақәа фба: "Афон", "Гагра", Аҟәатәи "Динамо", "Аҟәа", иара убас Гәдоуҭатәи "Риҵа", Галтәи "Самырзаҟан".