Ҳаџьымба астратегиатә мҩа Тҟәарчал-Бедиа ахәшьара аиҭеит

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ахаша, ԥхынҷкәын 5 рзы Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа дырҭааит.
Sputnik

БЕДИА, ԥхынҷкәын 5 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба усутә ныҟәарала даҭаан ибеит астратегиатә мҩа Тҟәарчал-Бедиа алгара шымҩаԥысуа.

Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Ҭемыр Тҟьебучаа атәыла ахада изеиҭеиҳәеит ацҳақәа рыхҵара шымҩаԥысуа атәы.

Атәыла ахада Очамчыра ахәыҷбаҳча аргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит

Ииасыз ашықәс азы Аинвестпрограммала иҳәазаз аҭыԥқәа рырӷәӷәара ианалага аусуцәа ирбеит ажәытә цҳақәа хымԥада рыԥсахра аҭахны ишыҟоу. Ацҳақәа рыхҵара апрограмма иахьаламыз иахҟьаны атәыла аиҳабыра уи аԥара азоурыжьит.

"Уажәы ҳара аусурақәа рхыркәшарахь ҳнеихьеит. Ацҳақәа ҩба хиоуп, ахԥатәи ахыркәшарахь инаагоит. Аҽа мызкаҟара ҳадхалоит. Амш иаҳнамҭеит акәымзар уажәшьҭа ҳалгахьазаарын", — иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит Тҟәарчали Бедиеи рыбжьара амҩа акаҭран ақәҵара 2019 шықәса рзы ишалаго.

"Ажәытә цҳақәа шхыз амҩа акаҭран ақәҵара ҵакыдан. Уажәшьҭа Тҟәарчал араион ақыҭақәа зегьы еиҳа иманшәаланы ирымадахоит", — иҳәеит атәыла ахада.

"Аԥсныавтомҩа" аиҳабы Борис Ачба иҳәеит амҩа аура 11,5 километра ишыҟоу. Апроект асметатә хәыԥса 60 миллион мааҭ артәоит.