Арадио

Кәарҷелиаԥҳа: имариоу, иуадаҩу ҳәа абызшәақәа ршара иашам

Аԥснытәи аҳәынҭқараратә университет аҟны аԥсуа бызшәа арҵаҩы, аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак аексперт, аметодист Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аҟны иазгәалҭеит ҳамҭазы аҵарауаа иуадаҩу, имариоу ҳәа абызшәақәа шырымшо.
Sputnik

"Иахьа шьаҭанкыла рҽырыԥсахит абызшәа азнеишьақәа. Убри аҟынтәи имариоу, ицәгьоу ҳәа абызшәақәа ршара мифуп ҳәа рыԥхьаӡоит ҳаамҭазы аҵарауаа. Логикала уазхәыцуазар, имариоу абызшәақәа ҳәа ирыԥхьаӡо рыла ахәыҷқәа ирласны ицәажәозароуп, иуадаҩу рыла 10-12 шықәса анырхыҵуа.

Иарбан бызшәазаалак ахатә ҷыдарақәа амоуп. Иахьа абызшәа дырҵара акыр идырмариеит. Даҽа зҵаароуп абызшәа дуқәеи амаҷқәеи (уи зҳәо рхыԥхьаӡарала — аред.) рҭагылазаашьа ахьеиԥшым. Аха ус шакәугьы амеханизмқәа рыԥшаахьеит урҭ абызшәақәа рылшарақәа еиҟараны аус еицыруртә еиԥш. Убарҭ ауниверсалтә схемақәа ҳхы иаҳархәароуп", — лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.

Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.