Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Очамчыра ҩыџьа ауаа абгалаџ рыцҳаит

Ашкол аҵаҩӡӷаби 18 шықәса зхыҵуа арԥыси абгалаџ рыцҳаит. Араион анапхгара ирыгәҭакуп ашәарыцаҩцәа рхархәарала арҭ абнаԥстәқәа рнырҵәара.
Sputnik

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Очамчыра мчыбжьык аҩныҵҟа абгалаџқәа ҩыџьа ауаа ирықәлеит ҳәа еиҭеиҳәоит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Славик Кәычбериа.

Иара иажәақәа рыла, ԥшьымш раԥхьа ашкол-интернат ааигәара абгалаџ ашкол-ӡӷаб илықәлеит. Аҭыԥантәи ахаҵа ахәыҷы лыҳәҳәабжь аниаҳа дыҩны дааиит. Илшеит аԥстәы лыҟәцара. Аха абгалаџ ахәыҷы ҩынтә илыцҳаит. Лара ареспубликатә хәышәтәырҭахь дыргеит.

Егьи ахҭыс ҟалеит ԥхынҷкәын 5 рзы. Абгалаџ иқәлеит 18 шықәса зхыҵуа Зураб Маланӡиа.

"Сҩызцәеи сареи ақалақь аҿы аконцерт ҳахәаԥшуан. Асааҭ 9 ҟалахьан аҩныҟа, Елырҟа амҩа санықәлаз. Ус сымҩаҿ абгалаџ сԥаҳалеит. Аԥхьаҵәҟьа исыршәеит, аха нас сыԥшызар, исышьҭаланы иаауеит. Сшьамхы иамҵасит, аха исылсыршеит ахәаҽра", — иҳәоит иара.

Аҷкәын актәи ацхыраара ирҭеит араионтә хәышәтәырҭаҿы, нас ареспубликатә хәышәтәырҭахь Аҟәаҟа дыргеит. Уа алаҵа иларҵеит. Уажәы иара иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.

Зураб Маланӡиа иишьыз абгалаџ алабораториахь иргеит иааԥку, иааԥкыму ашьақәыргыларазы.

Маланӡиа: Аԥсны иҟоу амшә цәышәшәқәа шәарҭам

Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа иҳәеит уи хымԥада иахәҭаны ишыҟоу.

Араион ахада ихаҭыԥуаҩ ишиҳәаз ала, араион ахь ашәарыцацәа рааԥхьара рыгәҭакуп абнатә ԥстәқәа рнырҵәаразы. 2016 — 2017 шықәсқәа рзы аус ауан апрограмма ҷыда. Бгалаџк азы иршәон 500 мааҭ аԥара. Усҟан иааидкыланы 1740 бгалаџ ршьит, аха араион аҿы ақыҭақәа ахьҭацәу иахҟьаны дара рхыԥхьаӡара еиҳа еизҳауеит.

"Уаанӡа Очамчыра 34 000-ҩык ауаа нхон, уажәы 4000-ҩык роуп иаанханы иҟоу. Ақалақь акәша-мыкәша ақыҭақәа ҭацәуп. Зегьы бнеикит. Абнатә ԥстәқәа абнараҿы рхәы рзыԥшаауам азы ауаа ахьыҟоу ицәырҵуа иалагеит", — иҳәоит Кәычбериа.

Аветеринартә маҵзура аиҳабы иҳәоит ари апроблема ареспублика зегьы аҿы ишыҟоу.

Абгақәеи абгалаџқәеи рхыԥхьаӡара аиҳахара атәы далацәажәеит Аԥсны аԥсыӡкыҩцәеи ашәарыцаҩцәеи реиҿкаара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниагьы.

"Аботаникатә баҳча ааигәареи араион ҿыц аҿи ирбахьеит. Хаҭала сара араион ҿыц аҿы агәамсамеизакырҭа ааигәара абгалаџқәа ҩба збеит. Лассы-лассы Аҟәа-Очамчыра амҩадуаҿы ауаа ирԥылоит", — иҳәоит Кәыҵниа.

Иара иажәаәқа рыла, апрограмма еиҭахацырктәуп. Уи аԥара азоушьҭтәуп.