Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра: НАТО Аахыҵ Кавказ аҭынчра иаԥырхагоуп

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит Қырҭтәылеи ЕАШ зхадараҿы иҟоу НАТО аблоки рыбжьара арратә еизыҟазаашьа еиҳа-еиҳа аҽахьарҭбаауа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҷыда ҟанаҵеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иажәақәа рҭакс. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Украинеи Қырҭтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа алархәны имҩаԥгаз Аҩадатлантикатә алианс аилатәараҿ ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәыла ар Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи иалнагарц.

"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәамҭа провокациак аҳасабала иаднакылеит. Уи аҳәамҭа арегион аҟны аибарххара иацнамҵозар иагнархом. Асеиԥш иҟоу европатәи ачынуаа рҳәамҭақәа атәыла-агрессор идгылароуп иаанаго", — ҳәа аҳәоит Аминистрра аҳәамҭа ҷыдаҿ.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы урыстәылатәи ар рыҟазаара аԥсны-урыстәылатәи аиқәшаҳаҭрақәа ишҳәаақәырҵо, жәларбжьаратәи азин анормақәа ишрықәшәо.

"Иара убасгьы иазгәаҭатәуп Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара хнырҳәышьа змам ӡбамҭоуп", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра НАТО амаӡаныҟәгаҩ хадеи егьырҭ ачынуааи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ԥхьаҟа асеиԥш иҟоу аҳәамҭақәа рыҽрыцәхьаркларц.