"Хынҩажәа шықәса — уи иагьмаҷуп, иагьырацәоуп. Имаҷуп, избанзар ианыиасуаз сымбаӡакәа ицеит уҳәар ауеит, ирацәоуп — арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ахҭыс рацәа ахьымҩаԥысыз азы", — иҳәеит Дбар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Аиубилиар иазгәеиҭеит, аԥсуаҵас ала ахатә ԥсҭазаара алацәажәара ԥшӡамзаргьы, Анцәа ицхыраарала деиқәшәеит ҳәа шиԥхьаӡо.