АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганбеи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр Дмитри Патрушеви реиԥылара мҩаԥысит Москва, ԥхынҷкәын 6 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асаи
Аиԥылараҟны иалацәажәеит адгьылқәаарыхра аусхк аҟны аинырра азҵаарақәа рымҩаԥгара атәы, ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Дмитри Патрушев иазгәеиҭеит Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа еиҳа-еиҳа рыҽышдырӷәӷәо.
Аиԥылара алахәылацәа иазгәарҭеит 2018 шықәса аҩныҵҟала ақыҭанхамҩатә тауареикәыршара 2017 шықәсазы ишыҟаз еиԥш ишаанхаз.
Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәеит Аԥсны аҵакыраҿы афитосанитартә ҭагылазаашьеи уи аиӷьтәразы имҩаԥгатәу аусқәеи ртәы.