Арадио

Кәарҷиа Cириеи Аԥсныи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рзы: ҳамҩақәызҵо роуп

Аԥсны Жәлар реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Сириеи Аԥсныи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа апарламент аҟны гәахәарыла амч шрырҭаз (аратификациа-аред.) адепутатцәа.
Sputnik
Кәарҷиа Cириеи Аԥсныи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рзы: ҳамҩақәызҵо роуп

"Аиқәшаҳаҭрақәа акы ҳҳәынҭқаррақәа реиҩызареи русеицуреи ирызкуп, аҩбатәи аекономикатә хырхарҭаҟны Аԥсныи Шьамтәылеи реиҳабырақәа русеицура иадҳәалоуп. Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа аиқәшаҳаҭрақәа ҭырҵааит, аилатәараҟны гәахәарыла ирыдыркылеит. Ԥхьаҟатәи ҳус мҩақәызҵо еиқәшаҳаҭрақәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра  аԥшьашаҽны Жәлар реизараҟны амч арҭеит. Аиқәшаҳаҭра жәашықәса ҽҳәарас иамоуп, иара убас даҽа хәышықәса иаразнак иацҵахар алшоит. Убасгьы аҩ-ҳәынҭқаррак реиҳабырақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭра амч аҭан.

Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра Шьамтәылатәи апарламент аҟны амч аҭан ҳазҭоу ашықәс жьҭаара 11рзы.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.