Рауль Ҳаџьымба далацәажәеит Аԥсныи Шьамтәылеи русеицура аусхкқәа

Аԥсныи Шьамтәылеи русеицура мҩаԥыргалоит аекономика, атранспорт, аҵараҵара, атуризм, агәабзиарахьчара русхкқәа рҟны иҳәеит Аԥсны ахада.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Sputnik Arabic аинтервиу азҭаз Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҳәеит Аԥсныи Шьамтәылеи русеицура мҩаԥыргалоит аекономика, атранспорт, аҵараҵара, атуризм, агәабзиарахьчара русхкқәа рҟны ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит RT.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аусеицуреи аиҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра Апарламент аратификациа ахьазнауз акраҵанакуаны иҟоуп.

Аԥсныи Шьамтәылеи русеицуратә еиқәшаҳаҭра аратификациа азыҟаҵоуп Аҟәа

"Атәыла анҭыҵ анырра заҟа иаҳзалыршо аҟара атәыла аҩныҵҟа алшарақәа ҟалоит аҿиаразы, адунеи егьырҭ атәылақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьазы", - иҳәеит иара.

Ҳаџьымба иҳәеит атәылақәа рыҩбагьы рзы аекономикатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара шхадароу.

"Аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиаразы хра рымоуп акоммуникациа, атранспорт, аграртә сектор, аҭҵаарадырра рыҿиара", - иҳәоит ахада.

Иара убасгьы атәылақәа рыҩбагь рзы хра рымоуп агәабзиарахьчареи, атуризм ртема ҳәа азиԥхьаӡоит атәыла ахада.

Аԥсны жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа еицҿакрыла рыбжьы рҭиит Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра аратификациа азуразы.