Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра азинмчра аанкыларазы анапаҵаҩрахь инагоуп

Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра азинмчра аанкыларазы анапаҵаҩрахь Порошенко изнагоуп, аиқәшаҳаҭра азинмчра нкылахар алшоит 2019 шықәса мшаԥымза 1 инаркны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Украина Иреиҳаӡоу арад аиҳабы Андреи Паруби атәыла ахада Петр Порошенко изынеишьҭит Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра азинмчра аанкыларазы азакәан апроект, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости апарламент асаит адырра шьаҭас иганы.

Путин иҳәеит Порошенко иԥылара зиҭахым

Паруби адокумент инапы аҵеиҩхьеит.

Уаанӡа Иреиҳаӡоу арада Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра азинмчра 2019 шықәса мшаԥымза 1 инаркны иацҵамхарц аӡбра аднакылахьан. Абри азы 277-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит, иахәҭаны иҟаз 226-бжьы рҟынтә.

Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Киев, лаҵарамза 31 1997 шықәса рзы, ҿҳәарас ҳәа 10 шықәса аҭаны. Амчра аиуит мшаԥымза 1 1999 шықәса инаркны.