Путин иҳәеит Порошенко иԥылара зиҭахым

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин
Президент РФ В. Путин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада ажурналистцәа рызҵаара аҭак аҭауа иҳәеит Украина ахада иԥылара дзақәшаҳаҭымхаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 — Sputnik. Владимир Путин Пиотр Порошенко ҭелла иацәажәара мап зацәикуа далацәажәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара Пиотр Алексеи-иԥа иацәажәара акәӡам мап зцәыскуа, иалхрақәа рымҩаԥгара алахәхароуп мап зцәыскуа", — иҳәеит Путин.

Порошенко апровокациатәии акризистәии ҭагылазаашьақәа раԥҵара дрызҟазоуп, нас урҭ Урыстәыла иахареиҵоит. Убри ашьҭахь иҟало апроблемақәа шиӡбо ауаа идирбарц далагоит ҳәа иҳәоит Путин.

Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳагба Керчтәи аӡыбжьахаҿы аҭагылазаашьа иазкны: атәылақәа еичзырчо ахҭысқәа рацәахоит

Абҵара 25, ашьыжь, Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа.

Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рыҭоуп. Рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Владимир Путин ари провокациоуп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит иаанкылаз амшынуаа рыгәҭа ишыҟаз хҩык Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа, дара шракәыз аоперациагьы хылаԥшра азҭоз. Иара убри аан иҳәеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рнапынҵақәеи руалԥшьақәеи шынарыгӡоз.

Владимир Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит иҟалаз атәыла ахада иалхра аламҭалаз Пиотр Порошенко иреитинг алаҟәра иахҟьеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0