Арадио

Орал Бганба: Сақариа - аԥсуа диаспора иаҳҭнықалақьуп

Ҭырқәтәыла Сақариа иҟоу аԥсуа культуратә центр анапхгаҩы Орал Бганба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Сақариа ҳдиаспора ираҳҭнықалақьны изииԥхьаӡо атәы.
Sputnik
Орал Бганба: Сақариа - аԥсуа диаспора иаҳҭнықалақьуп

"Сақариа - аԥсуа диаспора хыԥхьаӡаралагьы иахьырацәоу, алеишәа, ақьабз аныҟәгара аганахьалагьы ԥхьагылара змоу қалақьуп. Иара иадҳәалоуп аԥсуа қыҭақәа ҩынҩажәа. Иазгәасҭар сҭахуп,  Аԥсны ҭоурыхла иаҵанакуа араионқәа зегьы ирылҵыз ара инхоит. Ус анакәха, абас сҳәар сылшоит, аԥсуа диаспора  аҳҭнықалақь Сақариа ауп ҳәа. Аԥсуаа зегьы иҳаҳҭнықалақьуп Аҟәа, аха адиаспора аҳҭнықалақь ҳәа Сақариа иазаҳҳәар ауеит, убас  агәаанагара сымоуп. Иахьазы Сақариантәи Аԥсуа федерациаҟны иҭаҩҩу х-нызқьҩык ҳаҟоуп, иааиуа ашықәс азы аԥсуа тәылауаҩшәҟәы рыҭара ҳгәы иҭоуп. Ҳбызшәа ҳкультура реиқәырхара, ԥхьаҟа ргара ҳапрограмма иалоуп, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыр зҭаху аԥсуаагьы ацхыраара рыҭара, ахақәиҭра амҩа иану Аԥсны адунеи ажәларқәа дырдыррагьы", - иҳәеит Бганба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.