Арадио

Ҭарԥҳа: аҟазацәа ирдыруеит аԥсаҵла Аԥсны иԥҟазу анҭыҵынтәи иаагоу

Аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә усбарҭа аҟәша аиҳабы Лаура Ҭарԥҳа арадио Sputnik аҟны илҳәеит аԥса ҵлақәа рыԥҟара азин ахьыҟам инамаданы Ашықәс Ҿыц аныҳәа мызкы шагу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ишалаго.
Sputnik

"Ҳабнанхамҩақәа реиҳабацәа адҵа рымоуп аныҳәа мызкы шагу амҩакыгақәа ргыланы ажәлар рҟынӡа инаргарц аԥса ҵлақәа рыԥҟара шыҟамло. Еиҳарк иахьрызҳауа аҭыԥқәа ҳдыруеит. Ҳусзуҩцәа ари аамҭазы ахылаԥшра дырӷәӷәоит. Аҵлақәа шаацәырҵлак, аҭира ианалагалак, иалҳқаауеит аекологцәа, иара убас урҭ амилициа аусзуҩцәагьы рыцны  агәаҭарақәа еицымҩаԥыргоит. Аҟазацәа ирдыруеит аҵлақәа Аԥсны иԥҟазу, анҭыҵынтәи иаагоу", — лҳәеит Ҭарԥҳа.

Лара иазгәалҭеит  аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥсақәа иаҳа имаҷны ишԥырҟо, дара аҵлақәагьы ауаҩы анеира ахьизымариоу ус ишуԥыхьамшәо.

Инеиҵыху аицәжәара шәазыӡырҩырц шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефираҿ.