АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Ермантәыла ацентртә алхратә комиссиа ашәахьа, ԥхынҷкәын 10 рзы аилатәараҿы абжьыҭира аихшьаалақәа мҩаԥнагеит. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Армения.
Ермантәыла аԥыза-министр Никола Пашиниан иблок "Сшьаҿа" ("Мой шаг") 70% алхыҩцәа рыбжьы аиуит изаамҭанытәим алхрақәа рҟны.
Уаанӡа аԥыжәара змаз Ермантәыла ареспубликатә партиа апарламент аҿы аҭыԥқәа аиуам, 5% бжьы еиҳаны иахьырмоуз азы. Ермантәыла амилаҭтә Еизарахь анеиразы апартиақәа 5% еиҳазароуп ироуа абжьқәа, аблокқәа – 7%.
Иара убри аан атәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, апарламент ахь инеироуп хԥа иреиҵамкәа политикатә мчқәа. Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа рыла, арҭ ахԥа рахь иаҵанакуеит: "Процветающая Армения", "Просвещенная Армения", "Мой шаг".
ИАР аҟынтәи ахылаԥшцәа рмиссиа анапхгаҩы Виктор Гумински апресс-конференциаҿы иазгәеиҭеит алхрақәа адемократиатә шьаҭа рыманы ишымҩаԥгаз.
"Алхратә комиссиақәа иаԥырҵеит алхыҩцәа аӡәы ихьыԥшымкәа, хатәы гәаанагарала рыбжьы рҭиирц", — ҳәа азгәеиҭеит Гумински.
Изаамҭанытәим алхрақәа мҩаԥысит Ермантәыла ԥхынҷкәын 9 рзы.