Ихьыпшым Атәылақәа Реилазаара амиссиа Ермантәыла алхрақәа хылаԥшра рырҭоит

© Sputnik Арам Нерсесян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Армении
Ситуация в Армении - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ермантәыла ахада Армен Саркисиан абҵара 1 азы инапы аҵаиҩит Апарламент аушьҭны алхра ҿыцқәа рымҩаԥгаразы Аусԥҟа.

АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Ихьыԥшым Атәылақәа Реилазаара амиссиа Ермантәылатәи апарламент ахь изаамҭанымтәи алхрақәа ахылаԥшра рырҭоит ҳәа аҳәоит аилазаара асаит.

"Ареспублика Ермантәыла ааԥхьара иҟанаҵаз шьаҭас иганы, ИАР ахылаԥшцәа рмиссиа абҵара 22 рзы амониторинг амҩаԥгара хацнаркит Ермантәылатәи апарламент ахь изаамҭанымтәи алхрақәа рҟны", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡа, Ермантәыла апарламент аҩынтә рызгьы аԥыза-министр дырзалымхит. Уи азакәанԥҵара инақәыршәаны иаанаго апарламент аушьҭроуп.

Никола Пашинян - Sputnik Аҧсны
Ермантәыла Апарламент Пашиниан икандидатура еиҭах мап ацәнакит

Амиссиа аштаб анапхгаҩы Евгени Слобода Ермантәыла Ацентртә алхратә комиссиа аиҳабы Тигран Мукучиан диԥылеит. Аиԥылараан ирылацәажәан Ацентртә алхратә комиссиа аусура.

Слобода иазгәеиҭеит амиссиа аусура шаартхо, аларҵәара шалшо.

"Иара убри аан арҭ алхрақәа Ермантәыла аҩныҵҟатә ус ҳәа иашьоит. амиссиа Амиссиа иахықәку амилаҭтә закәанԥҵара инақәыршәаны алхрақәа рымҩаԥысшьа ахәшьара аҭароуп", — ҳәа рҳәоит аштаб аҿы.

Амониторингтә миссиа иалахәхоит 70-ҩык рҟынӡа ахылаԥшцәа.

Слобода аҳәамҭа ҟаиҵеит ИАР аганахь ала амониторинг алахәхара ишақәшаҳаҭу: Белоруссиа, Урыстәыла, Таджикистан, Туркмениа, Киргизиа, Ҟазахстан. Ахылаԥшыҩцәа аккредитациа рыҭара хыркәшахоит абҵара 24 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0