"Ԥхынҷкәын 11-12 рзы Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи иазку агәырӷьаратә еиԥыларақәа мҩаԥысуеит ҳтәылаҟны. Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аҩаша жәларбжьаратәи аконференциа еиҿкаахоит. Ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны иаатуеит ацәыргақәҵа "Ашәҟәыҩҩы идунеи" захьӡу. Уи аинтерес зҵоу цәыргақәҵахоит, еиднакылоит ашәҟәыҩҩы ирҽиамҭақәа, афотоархив, Мушьни Лашәриа иҩымҭақәа ирылхны аграфикатә сериа ҟазҵаз Баҭал Џьапуа иусумҭақәа ҟалоит, иара убасгьы апоет иажәеинраалоу ироман "Аџьынџь" аӡыргара мҩаԥысуеит. Аԥсышәала ароман 2008 шықәсазы иҭыҵит, сынтәа иҭыжьын аурыс еиҭага. Асааҭ 16 рзы Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәылԥаз мҩаԥгахоит. Уи ҩ-хәҭакны еихшазаауеит, аофициалтә қәгыларақәа рнаҩс иҟалоит асахьаркыратә хәҭа", — лҳәеит Арсалиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефираҿ.
Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩы, акритик, академик Мушьни Лашәриа 80-шықәса ихыҵит ажьырныҳәа 16 рзы. Апоет иира амш аҽны Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара ианеишьеит.