Евроеидгыла Донбасстәи алхрақәа рзы асанкциа ҿыцқәа аланагалеит

Евроеидгыла Донбасстәи алхрақәа рзы жәҩык ахаҿқәа рганахь ала асанкциа ҿыцқәа аланагалеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Евроеидгыла ахеилак ашәахьа, ԥхынҷкәын 10 рзы аӡбра аднакылеит Донбасстәи алхрақәа рзы жәҩык ахаҿқәа рганахь ала асанкциа ҿыцқәа алагалазарц.

Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа ииасыз амчыбжь азы еиқәышаҳаҭхеит асанкциатә сиахь аҽа жә-хаҿык алагалазарц. Дара ртәала арҭ ахаҿқәа Донбасс алхрақәа реиҿкааразы аҭакԥхықәра рыдуп.

ДЖәР (ДНР) ахьыԥшымра алацәажәара заацәоуп

"Абҵара 11? 2018 шықәса рзы Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи рҟны имҩаԥгаз "алхрақәа" рзы аҭакԥхықәра рыманы иаҳаԥхьаӡо ахаҿқәа асанкциатә сиахь иаҵаркызааит", — ҳәа аҳәоит аӡбамҭаҿы.

Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы амҽыша, абҵара 11, 2018 шықәса рзы ареспубликақәа рхадацәеи апарламентқәа рдепутатцәеи ралхра мҩаԥысуан.

ДЖәР аҿтәи алхрақәа рҿы Донецктәи жәлар республика ахада инапынҵақәа назыгӡо Денис Пушилин аԥыжәара иоуит 60,9% бжьы рыла.

Алхрақәа рҿы абыжьқәа абасеиԥш еихшахеит: Евстифеев Роман Николаи-иԥа – 7.8%, Медведев Владимир Анатоли-иԥа – 6,4%, Пушилин Денис Владимир-иԥа – 60,9%, Храменков Роман Александр-иԥа – 14,1%, Шишкина Елена Николаи-иԥҳа – 9,2%.

Атәылауаа арҭ алхрақәа рылҵшәақәа ирзыԥшуп. Дара атәыла ахадеи Апарламенти русура иақәгәыӷуеит. Иақәгәыӷуеит рыԥсҭазаара еиӷьыртәып ҳәа. Алхрақәа уаанӡа напы зҵарыҩхьаз Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ирҿамгыло имҩаԥган.

Киев аҳәамҭа ҟанаҵеит алхрақәа азакәан шьаҭа рымам ҳәа.