Скрипаль иашьа иԥҳа аҳәамҭа ҟалҵеит лыуацәеи лареи реимадара шамуаз

Уаанӡатәи ГРУ афицар Сергеи Скрипаль иашьа иԥҳа Викториа аҳәамҭа ҟалҵеит ԥхынгәы 24 раахыс Британиа иҟоу лыуацәеи лареи шеимадам. Лара лгәаанагарала лаҳәшьа Иулиа арратә базаҿ даанкыланы дрымоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10– Sputnik. Викториа Скрипаль аҳәамҭа ҟалҵеит ԥхынгәы 24 раахыс Британиа иҟоу лыуацәеи лареи шеимадам. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости, агазеҭ "Известия" адыррақәа шьаҭас иганы.

Лара лгәаанагарала, британиатәи амаҵзура ҷыдақәа Иулиа дырӷьычит, даанкылангьы дрымоуп.

Скрипаль агәра игом урыстәылаа ашҳам ирҭеит ҳәа

"Избан урыстәылатәи адипломатцәа рахь дызцәыррымго, ателехәаԥшрала ақәгылара азин злырымҭо? Сара сгәы иаанагоит арратә базаҿ дҵәахны дрымоуп ҳәа", — лҳәеит Викториа Скрипаль. Лара лгәаанагарала, Иулиа дыҟазар ҟалоит ахимиатә лабораториа Портон-Даун аҿы.

Викториа ишылҳәо ала, уи ахара Урыстәыла ишаду иаанхарц ауп изыҟаҵоу.

"Ҳауацәеи сареи изныкымкәа Иулиа ҳаҽлымаадарц ҳҽазаҳшәахьеит аха илҵшәадоуп. Иулиа илыгәҭакын Урыстәылаҟа ахынҳәра", — лҳәоит лара.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.