Арадио

Барцыц: аԥсуа иԥсҭазаашьаҟны ашьхақәа рҵакы ҳаракуп, иԥшьоуп

Аԥсны адгьылҭҵааратә еилазаара ахеилак аиҳабы Леуард Барцыц арадио Sputnik аҟны ашьхақәа жәларбжьаратәи рымш аҽны ҳажәлар рыԥсҭазаараҟны урҭ рҵакы далацәажәеит.
Sputnik

"Аԥсуаа рзы ашьхақәа рҵакы акыр иҳаракуп, иԥшьоуп. Рылԥха ҳамазааит, Аԥсны иҟоу ҳныхақәа зегьы ашьха иаԥнуп — акы, ҩба — агаҿа иадугьы ашьха иҟоу ирҿыҵқәаз роуп. Иара егьысгьы ҳбызшәа, ҳҵас, ҳқьабз, ҳтурых аӷьырак ашьхара иадҳәалоуп, 78 процент Аԥсны шьхатәылоуп, ҳажәлар шьхауаауп", — иҳәеит Барцыц.

Аҵарауаҩ иҳәеит дшақәшаҳаҭым ҳажәлар аашьаҩцәоуп ҳәа агәаанагара.

"Аԥсуа инҭыҵра-иааҭыҵра, ишәарыцара, иҽықәтәашьа, иеибашьышьа, ихаҵара — аҭоурых ду, акультура аныԥшуеит. Аԥсуа иныҟәашьа, икәашара аццакыра ацуп итәыла арҩашқәа реиԥш, ахрақәа абахәқәа шеиҿкаау еиԥш, еилҟьа-еилӷәыцәаа иҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.