Ирена Адлеиԥҳа самбо азы аиндаҭлараҿ аиааира лгеит

Аҿар рыбжьара самбо азы Аладатәи афедералтә округ аиндаҭлара мҩаԥысит Армавир, ԥхынҷкәын 6-9 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ирена Адлеиԥҳа ахьтәы медал лгеит самбо азы Аладатәи афедералтә округ аиндаҭлараҿ ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсменка лазыҟаҵаҩ Андреи Погосов.

Аԥснытәи асамбистка +80 кьыла инеиҳаны изкапануаз рыгәҭа дықәгылон. Атурнир аҿы аиааира ганы Ирена 2019 шықәса жәабранмзазы Пермь ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла аиндаҭларахь лымҩа аалыртит.

Таитәи абокс азы аиндаҭлараҿы аԥснытәи аспортсменцәа аԥхьахәқәа ргеит

"Ирена ҩынтә Краснодартәи атәылаҿацә аспортсменкацәа дрыцықәгылеит. Аҩынтәгьы аиааира лгеит", — иҳәеит лазыҟаҵаҩ.

Самбо Ирена лнапы алакуижьҭеи хы-шықәса ирықәуп. Лара уаанӡа атлетика ласы акәын дызҿыз.

"Аԥхьа атлетика ласы акәын еиҳа лҽыззылкуаз, нас самбои дзиудои ирҿыз лҩызцәа рахь дианагеит. Даара ламысцқьала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥылгоит. Уажәы Ирена ААУ, абаҩырҵәыратә факультет аҿы аҵара лҵоит, аспорт лхы азылкырц лҭахуп", — иҳәоит лазыҟаҵаҩ.

Атурнир иалахәын 135-ҩык аспортсменцәа: Аԥсны, Адыгатәыла, Ҟрым, Калмыкиа, Краснодартәи атәылаҿацә, Ростовтәи, Волгоградтәи, Астрахантәи аобластқәеи Севастополь ақалақьи рҟынтә.