Аԥсны ишьаҭаркуп "Аекономист имш"

Аԥсны аекономика аминистрра ашьаҭаркра 25 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысит аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада иусԥҟала ишьаҭаркуп "Аекономист имш".

Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба атәыла аекономистцәа зегь рыхьӡалеи ари азанааҭ знапаҿы иаазго рыхьӡалеи Рауль Ҳаџьымба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит абри азы.

Аԥсны аекономика аминистрра ашьаҭаркра 25 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысыз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа рхы аладырхәит атәыла аиҳабыра аекономикатә блок анапхгаҩцәа, аекспертцәа, аҟазауаа.

Аконференциаҿ атема хадақәа ракәны ишьан амилаҭтә економика аҿиара аҭоурыхтә аспектқәа, Аԥсны аиҳабыра аекономикатә блок аусура хра аманы аҟаҵара, аҳәынҭқарратә економикатә политика анагӡара.

Аконференциа еиҿыркааит Аекономика аминистрреи Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа "Аекономикеи азини ринститути".