"Ҩажәеи хәба шықәса рыла иҟаҵоу маҷым, аха излеилаҳкаауа ала, аԥхьаҟа ишьҭоу аус иаҳа ирацәоуп. Иахьа ҳҭагылазаашьа, ҳекономика ахәшьара ду ауҭартә иҟам, избанзар аибашьра ҳанахысгьы ҳҳәынҭқарара амацәаз иҭакын, урҭқәа ҳнымԥшыр залымшеит. Аекономикаҟны амҩа иаша ушану узырбо, зегьы ишеилыркаауа ала, ауаа рыбзазара ауп. Уи иахьала уаҩ деигәырӷьартә иҟаҵәҟьам макьана", — иҳәеит Гәлиа арадио Sputnik Аԥсны аефираҿ.
Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ ицәажәараҟны убасгьы иазгәеиҭеит аԥсҭазаараҟны азакәанқәа рынагӡара аекономика аҿиара ишаныԥшуа.