Арадио

Џьапуа: аекономика аминистрраҟны аус руеит адырра змоу аҿар

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа аекономика аминистрра аԥҵара 25 шықәса ахыҵра адныҳәало, агәрагара ааирԥшит аҵарауааи аминистрреи русеицура алҵшәақәа шаанашьҭуа аҳәынҭқарара арҿиараҟны ихадароу ауадаҩрақәа рыӡбаразы. Аекономика аминистрра 25 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҟәа имҩаԥысит аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.
Sputnik

"Аекономика аминистрра аҳәынҭқарра аструктураҟны зыда ԥсыхәа амам ауп, уи ахьӡ аҟны ажәа "аекономика" иахьа Аԥсны лассы-ласс ирҳәо ауп. Аҳәынҭқарарҿы иҟоу аминистррақәеи аҭҵаарадырратә институтқәеи русеицура даара иаҭахны иҟоуп, иарбан шьаҿазаалакгьы аҵарауаа рыда ԥсыхәа амам, ус еиԥш аусеицура хымԥадатәиуп уаҵәтәи амш азы. Даара ихәарҭоу ҭагылазаашьоуп иахьа аеконмика аминистрра аусзуҩцәа ҿарацәа ԥытҩык аекономикеи азини ринститут аҟынгьы аус зуа ҵарауааны иахьыҟоу", — ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.