Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин Урыстәыла Аконституциа амш идиныҳәалеит

Урыстәыла Аконституциа жәларзегьтәи рыбжьыҭирала ирыдкылан ԥхынҷкәын 12, 1993 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 — Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла Аконституциа амш идиныҳәалеит.

"Милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ажәлар рзы ҳаамҭазтәи азинтә, адемократиатә ҳәынҭқарра аргылареи аҭышәынтәалара хәдықәҵара азуреи рзы атәыла Аконституциа реиҳа ихадоу документуп", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Ԥхынҷкәын 12, 1993 шықәса рзы ирыдыркылаз Аконституциа аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә еизыҟазаашьақәа рсистема ҵаҵӷәыс иамоуп, ауаажәлар рзинқәеи рхақәиҭрақәеи хәдықәҵара рызнауеит ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Аԥсны ахада Владимир Путини Урыстәыла ажәлари ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, амарымажара.