Арадио

Вахтанг Аԥҳазоу: иреиӷьу аҩымҭақәа реиҭагара ахшыҩзышьҭра аҭахоит

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу арадио Sputnik аҟны далацәажәеит Москва иӡыргаз ишәҟәы "Итамбаӡо аӡыхь" аиҭагамҭа хәшьарас иаиуз, иара убас иааидкыланы алитература аиҭагара аҵакы.
Sputnik

"Автори аиҭагаҩи рырҿиаратә усеицура ада аиҭагамҭа зыҟалаӡом, насгьы аиҭагаҩ уара идугало ацәаҳәақәа зегьы еиҭеиго иҟаӡам, жәаба рахьынтә 7-8 еиҭеигар ауеит, аҵакы еиликаароуп. Ашәҟәы еиҭазгаз Урыстәыла еицрдыруа аиҭагаҩцәа дыруаӡәкуп, акритикцәа, алитератураҭҵааҩцәа иара иусура ахәшьара бзиа арҭеит аӡыргараҟны", —  иҳәеит Аԥҳазоу.

Иара адырра ҟаиҵеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҟны аиҭагара аус аганахьала ааигәа аԥҟарақәа шрыдыркылаз, апоезиеи апрозеи реиҭагаразы ахәԥсақәа шышьақәыргылоу. Убасгьы алԥшааратә комиссиа иреиӷьу аҩымҭақәа шалнахло аиҭагаразы.

"Ҳара адунеи ҳазлалахәу, егьырҭ амилаҭқәа рлитературақәа рахь традициала ҳазлацәырҵуа аурыс бызшәала ауп. Уи азы акыр аҵанакуеит иреиӷьу аҩымҭақәа реиҭагара аус аиҿкаара, абри ахшыҩзышьҭра аҳҭалоит аԥхьаҟагьы", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥҳазоу.