"Иажәеинраалоу аҭоурых даара иаҭахуп иахьа аԥсуа литератураҟны. Шәышықәса зхыҵуа ҳлитература иажәеинаралоу ароманқәа 4-5 ахьагәылалаз еихьӡара дуӡӡоуп ҳәа исыԥхьаӡоит.
Платон Бебиа ас еиԥш ароман аҩра азҵаатәы ҩажәижәаба шықәса дазхәыцуан, хәышықәса иҩуан. Платон Бебиа аԥсшәа бзиаӡаны иахьидыруа иҩымҭақәа ирныԥшуеит, иарԥшӡоит, иханагалоит ажәҩан ахь", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷаниа.
Апоет, ашәҟәыҩҩы Платон Бебиа иажәеинраалоу ироман "Ахаҳәраҳа" Аԥсны XIX-XX-тәи ашәышықәсақәа рзтәи аҭоурыхтә хҭысқәа ирызкуп. Ароман аиҭаҭыжьра алыршахеит "Аԥсны агәыразра ацҳаражәҳәаҩцәа" иҟарҵаз адгылара иабзоураны. "Ахаҳәраҳа" раԥхьаӡа иҭыжьын 2013 шықәсазы, уажәтәи атираж шә-цырак ыҟоуп.