Арадио

Кәарҷиа анаплыхқәа рзы: ҳхаҿра дырԥшӡоит, амилаҭтә культура дырҿиоит

Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аҟәа имҩаԥысуа раԥхьатәи анапҟазаратә фестиваль хәшьарас иаиҭо.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәарҷиа жәлар рнапҟазара афестиваль иазкны

"Афестиваль хьӡыс иаиуит "Ахьынапқәа", избанзар ҳажәлар рҟны инакәзаалак ирҳәон знапы ҟазаз изы "инапы ахьы аԥссоит" ҳәа. Ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшын ишԥарыдыркылари ажәлар: инеиру, иргәаԥхару ҳәа. 150-ҩык зкуа азал кәапеишәа иҭәын аартраҟны, ҩажәижәаҩык шаҳҳәоз ҩажәи жәохәҩык рҟынӡа рхы аладырхәит. Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла зқьы инареиҳаны анаплыхқәа цәырыргеит аҟазацәа.

Ари ацәыргақәҵа адоуҳа аҵазароуп, ааӡагазароуп ахәыҷқәа рзы. Афестиваль аҟны иҟоу алԥшаахқәа алхны аԥхьаҟа ацхыраара рыҭазар, акы-ҩба аԥырҵо акәымқәа асасцәа рзгьы аҳамҭа ҟалон, аԥшәмацәа ирҭаху амаҭәарқәагьы ҟалон, ҳдырԥшӡон, ҳхаҿра арҽеиуан, ахәаахәҭра мацара акәӡам жәлар рҟазара арҿиара аҵакы дууп амилаҭтә культураҟны", — ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Пҳынҷқәын 12 рзы Аҟәа иаартын жәлар ҟазацәа рнаплыҵқәа раԥхьатәи  афестиваль "Ахьынапқәа". Уи еиҿнакааит И. Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара ацентр, акоммандиттә еиҩызара "НУР" ацхыраарала. Афестиваль аҟны ицәыргоу амаҭәарқәа аархәар рылшоит уи аҭааҩцәа. Анапҟазацәа русумҭақәа ӡыргазаауеит ԥхынҷкәын 19 рҟынӡа Аҟәа Лакобеи Пушкини рымҩадуқәа реихысырҭаҟны игылоу ахыбра ҿыц "НУР" аҟны.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.