Арадио

Габлиа аԥсышәала зымҽхак ҭбаау раԥхьатәи адиктант азы: ҳалагоит, иалҵуа ҳбоит

Аԥсышәала зымҽхак ҭбаау адиктант аҩра шымҩаԥысуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аԥсуа бызшәа онлаин аҵаразы ашкол "Алашарбага" анапхгаҩы Инал Габлиа.
Sputnik

"Иахьазы жәаҩык раҟара ҟалахьеит ашкол иҭоу ҳҵаҩцәа, иара убас Аԥсны инхо рҟынтәигьы иҟоуп. Агәыԥ еизеит, ҳахәаԥшып раԥхьатәи адиктант иалҵуа. Уи ашьҭахь иҵегь иӡыраҳгап ауаа алахәхарц, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара зҵо аҿаргьы адырра раҳҭап. Убас маҷ-маҷ ҳалагап ари аус, иаҳҳәап, мызкахьы ҩынтә, мамзар  знык ас еиԥш адиктантқәа мҩаԥаагалоит", — иҳәеит Габлиа.

Аԥсышәала раԥхьатәи зымҽхак ҭбаау адиктант онлаин имҩаԥгахоит асабша, ԥхынҷкәын 15, асааҭ 12 рзы.

Адиктант аҩра шәхы алашәырхәырц шәылшоит абри ахьарԥш шәықәныҟәаны>>