Арадио

Ҳашԥҳа: Лаҭа иҭахаз ахәыҷқәа рыҵәаабжь сарҿыхоит

Ԥхынҷкәын 14 рзы Лаҭа икаҳаз авертолиот аҿы иҭаблыз шықәсык зхыҵуаз сашьа иԥҳа хәыҷы Царпица Ҳашԥҳа илыхьӡынҩылоу ажәеинраала "Сымаалықь" аӡә днасыдтәалан исеиҳәазшәа изыҩит ҳәа еиҭалҳәеит апоетесса Инна Ҳашԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Sputnik

"Аԥсҭазаараҿы иҟало ахҭысқәа рҟынтә иҟоуп угәы иахәо реиԥш, угәы иамыхәогьы. Аԥсҭазаара есымша еиуеиԥшым аҳамҭақәа уԥнагалоит. Иахьа уадаҩрак ҳанақәшәалак иаразнак абри амш аасгәалашәоит. Аҳауаҿы иҭадырхаз ахәыҷқәа рыҵәаабжь сарҿыхоит, убри аҽеиқәкра азин снаҭоит. Ажәеинраала "Сымаалықь", анаҩс "Схьыҷԥыԥыр хәыҷ" ҳәа шәаны лашьа гәакьа ииҳәо аӡәы днасыдтәалан исеиҳәазшәа изыҩҩит, уаҳагьы сзаламкьысит, исырҽеирцаз", — ҳәа азгәалҭеит Ҳашԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.