Арадио

Амҷба артист Иури Нарманиа изы: ашьац змырҟьацуаз диҩызан

Аԥсны Жәлар рартист Борис Амҷба арадио Sputnik аҟны дигәалаиршәеит зыԥсҭазаара иалҵыз, дхәыҷаахыс иидыруаз, аус зциуахьаз артист Иури Нарманиа.
Sputnik

"Иура  дахьыҟазаалакгьы ихымҩаԥгашьа, иуаҩра, иламыс, ипату акы узазҳәо иҟамызт, ашьац змырҟьацуаз диҩызан. Аӡәы игәы иалсуаз ҟаиҵомызт, иҳәомызт, аҩызара амҩаԥгараҟны вбак иуҭо дыҟамызт. Амузыка аҟны, аҟазараҟны иааԥсара маҷымызт", — иҳәеит Амҷба.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ахәынҭқарартә филармониа асолист, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Иури Нарманиа иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Аҟәа.