"Хра зхлоу ахҭысқәа": Чамагәуа афонд "Азҳара" аусура атәы
© Sputnik
"Ҳәарада, уи ҳдемографиа аус иацхраауеит иагьаныԥшуеит. Афонд еиҿаҳкааижьҭеи ҳәыҷык алҵшәа шамоу убоит, аԥсуаа рхыԥхьаӡара ишахәо. Астатистика ала иугозар, уи аԥхьа 260 ҭаацәа рҟынӡа шықәсык аҩныҵаҟа ахԥатәи, аԥшьбатәи инареиҳаны ахшара зауаз ыҟан. Афонда аусура иалагеижьҭеи (ҩышықәса инарзынаԥшуеит — аред.) иаҳбоит шықәсык бжьаратәла аԥсуа ҭаацәарақәа ԥшьышә рҟынӡа ахԥатәи ахшара, мамзаргьы еиҳаны ишроуа", — иҳәеит Чамагәуа.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.