Арадио

Қапԥҳа еиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Иқьиоу аус" ацхыраара зырҭо азусҭцәоу

Амамзаареи, ианаамҭоу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы ацхыраара аҟамзаареи иахылҿиааз аус атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Иқьиоу аус" аинформациатә ҟәша аусзуҩ Оксана Қапԥҳа.
Sputnik

"Енрик Кәартаа агәчымазара иахҟьаны иԥҳа даниԥха ашьҭахь, ихы иадиҵеит, ахәыҷқәа чымазаҩцәа ацхыраара рыҭаразы агәыҳалалратә фонд аиҿкаара. Шықәсык ҵуеит афонд аусура хацнаркыижьҭеи. Ааигәа Москва Бакулев ихьӡ зху ацентр ахь идәықәаҳҵеит ҩыџьа ахәыҷқәа, урҭ рыхәшәтәразы ацхыраара ҳарҭоит еиуеиԥшым анаплакқәа. Афонд ахь аԥара ахыуԥхьаӡалар алшоит смс алагьы, аномер 55 11 ахь, ажәа "ацхыраара" ашьҭрала. Ирацәаҩуп аԥара иазыԥшу ахәыҷқәа, аҳәара ҟаҳҵоит, алшара змоу зегьы доусы рлагала ҟарҵарцаз", — ҳәа азгәалҭеит Қапԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.