Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аҟәа иазгәаҭоу аныҳәатә усхкқәа ртәы

Аҳҭнықалақь аҿы Ашықәс ҿыц аламҭалаз ахәыҷқәа рзы иазгәаҭоу аныҳәатә программа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ахаҭарнак Есма Кәыҵниаԥҳа.
Sputnik

"Амза 27, асааҭ 18 рзы аҳҭнықалақь аԥсаӡ хадаҿы имҩаԥысуеит аныҳәатә программа. Ахәыҷқәа идырбахоит ақәыргыламҭа, еиҿкаахоит еиуеиԥшым ахәмаррақәа, ахәыҷқәа дырлахҿыхлоит урҭ бзиа еицырбо амультфильмқәа рперсонажцәа. Агәалаҟазаара бзиа зманы уахь инеиз иаҟара ицлоит", — ҳәа азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.