Шәача абнараҿ иҟьалаз аԥснытәи атуристцәа рыԥшааит

Шәачатәи аиқәырхаҩцәа абнараҿы иҟьалаз Аԥсны атәылауаа рыԥшааит иахьа ашьыжь.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18— Sputnik. Шәачатәи аиқәырхаҩцәа абнараҿы иҟьалаз Аԥсны атәылауаа рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АҶА Аладатәи арегионалтә ԥшаара-еиқәырхаратә отриад апресс-маҵзура.

"Ԥхынҷкәын 18 ашьыжь асааҭ 05:00 рзы Урыстәыла АҶА Аладатәи арегионалтә ԥшаара-еиқәырхаратә отриад ахь аҭел иасит ҩыџьа атуристцәа. Дара ирҳәеит абнараҿы ишҟьалаз", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иҟьалаз Аԥсны атәылауаа, 18; 22 шықәса зхыҵуа, Агура аӡиас аӡхыҽҽахьы ицеит ныҟәараҳәа ԥхынҷкәын 17 рзы. Рышьҭахьҟа ихынҳәхьан ианеилашәшәуаз, аха амҩа иацәыхҟьеит. Ауха иаашаанӡа дара абнара алҵра рҽазыршәон, аха амҩа рзымԥшааит. Ашамҭаз аҭел иасит "112" аномер ала.

Аиқәырхаҩцәа иаарласны ирыԥшааит иҟьалаз атуристцәа. Дара амедицинатә цхыраара рҭахны иҟамызт.