Арадио

Ҭаниаԥҳа: ииашамкәа ахәыҷы ихымҩаԥгашьа зхароу - уи дзааӡо аиҳабацәа ҳауп

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ева Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит избан зны-зынла ауааԥсыра акультура иацәыхароу ахымҩаԥгашьа заадырԥшуа, уи рҽеирас иамоу атәы.
Sputnik

"Аӡәы иҟаиҵандаз ҳәа аӡәы ихьыԥшра ҳаҟәыҵыр, зегьы рҭыԥқәа рҿы игылоит. Ииашамкәа ахәыҷқәа рхымҩаԥгашьа изхароу — урҭ зааӡо аиҳабацәа ҳауп. Ахәыҷы дымҩақәызҵо адуцәа роуп, ани аби иҟарҵо ауп иаргьы иҟаиҵо. Сара схәыҷқәа аҩны рыԥссар, еилдыргар, анҭыҵ ашә аартны идрыцқьар сҭахызар, схаҭа салагароуп, ахәыҷы иҟаумҵан ҳәа иауҳәо акәӡам иҟаимҵо, уара иҟауҵо ауп иҟаиҵо, иуҳәо ажәа акәӡам дыззыӡырҩуа, уара иурбо ауп иибо. Ари ааӡара, ахымҩаԥгашьа иаша, абжьаратә абиԥара рнапаҿы иааргароуп, урҭ роуп изду", — ҳәа азгәалҭеит Ҭаниаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.