Аҟәатәи ГЕС аусура хацыркхоит

Аҟәатәи агидроелектростанциаҿ аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит 2012 шықәса рзы хаҭалатәи аинвистициақәа рхархәарала.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи ГЕС аартра ацеремониа иалахәын атәыла ахадеи аиҳабыра рлахәылацәеи.

Аҟәатәи ГЕС аусура хацыркхоит

"Иахьатәи ахҭыс, Аҟәатәи ГЕС аартра, хҭыс дууп, аекономикеи атехникеи рганахь ала. Ари аус шьаҭас иаиуит ахадараҿы абизнеси аԥареи ракәымкәа ауаажәларра рымаҵ аура", - ҳәа иҳәеит иажәахә аҿы Аҟәа ГЕС атехникатә директор Резо Занҭариа.

Аҟәатәи ГЕС аусура хацыркхоит

Иара убасгьы игәалаиршәеит 2006 шықәса рзы, аиҭашьақәыргылара дазхәыцуа даналагоз ГЕС аҭагылазаашьа заҟа ишьақәхаз. Аџьынџьтәылатә еибашьраан ааигәа-сигәа аиҿагылара ӷәӷәа цон, аибашьра ашьҭахьгьы аимҵәара иаҿын. Иаанхаз акәзар, 20 шықәса рыҩныҵҟа иажәит.

Аҟәатәи ГЕС аусура хацыркхоит

"Абасоуп астанциа 2006 шықәса рзы ишыҟаз. Сара профессионалтә енергетикк иҳасабала даара сгәы снархьуан астанциа аҭагылазаашьа. Аҟәа ГЕС 20 шықәса рышьҭахь аҵанӡа инеины иҟан. Ибнарахахьан. Узланеиша мҩагьы ыҟамызт, еималахьан", - ҳәа еиҭеиҳәоит Занҭариа.

Аҟәа ГЕС адиректор, аинвестор Владимир Апухтин иазгәеиҭеит апроект аԥаразоужьраан дзызхәыцуаз афеида шакәмыз. Урыстәылантәи иааԥхьаз аҟазауаа апроект абизнес аганахь ала ифеидам ҳәа ахырҳәааит, иара иахҭынҵоуп 12 миллион доллар ҳәа иҳәеит иара.

ГЕС аартра ацеремониаҿ анапы аҵаҩын Аҟәа ГЕС аусуразы аԥкаанҵа. Иара рнапы аҵарҩит аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи астанциа адиректор Владимир Апухтины.

Аҟәатәи ГЕС аусура хацыркхоит

Аремонт ашьҭахь ГЕС алшара 19,6 мегаватт иҟоуп. Уи Аҟәеи Аҟәа араиони ирызхоит.

Аҟәа ГЕС ргылан 1936 шықәса рзы.

Аҟәатәи ГЕС аусура хацыркхоит