Аԥсны аҳазалхырҭа: аҳәаа иахыргахьеит 18 600 тонн амандарина

2018 шықәса ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииагоуп 2017 шықәса иара абри аамҭа иадкыланы фынтәны еиҳаны ацитрус шәырқәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсуа мандаринақәа 2018-2019 шықәсазтәи асезон азы уаанӡатәи ашықәсқәа ирыдкыланы уахәаԥшуазар арекорд нарыгӡеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҵнариа.

"Ԥхынҷкәын 18 2018 шықәса рзы аҳәаа иахыргахьеит 18 600 тонн амандарина. Зегь раасҭа ақәҿиара аман 2015 шықәса. Усҟан аҳәаа иахыган 26 000 тонна. Ҳашцо ҳцозар уи арекордгьы ҳаԥысыр алшоит", - иҳәеит иара.

2017 шықәса абри аамҭазы аҳәаа иахыган 3800 тонна амандарина.

2017 шықәса рзы амандарина аҽаҩра иартәеит 16 нызқь тонна. Аиҳарак уи мзызны иамаз амармалташь пты ауп.