Аминистрцәа реилазаара аргылареи архитектуреи рзы Аилак аԥҟара шьақәнарӷәӷәеит

Аԥсны аргылареи архитектуреи рзы Аилак аԥҵоуп 2018 шықәса нанҳәамзанӡа аус зуаз Аусбарҭа шьаҭас иҟаҵаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара "Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылареи архитектуреи рзы Аилак" аԥҟара шьақәнарӷәӷәеит ахәаша, ԥхынҷкәын 21 рзы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылареи архитектуреи рзы Аилак ахантәаҩы Есфирь Маитоп илҳәеит Аилак аԥҵаразы аусԥҟа напы шаҵаҩыз 2018 шықәса, нанҳәамзазы.

Лара илҳәеит абарҭ аамҭақәа зегьы Аусбарҭа аиҭакразы аусурақәа шымҩаԥысуаз.

Ҿыц иаԥҵоу Аилак аусура иахықәкхоит абри аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика ақәныҟәареи анормативтә документқәа разыҟаҵареи, хылаԥшра ауреи.