Арадио

Аршба: Аԥсны гәацԥыҳәара мацарала ашьапылампыл узырҿиом

Аԥсны ашьапылампыл аҭагылазаашьеи уи аиӷьтәразы иҟаҵатәуи рзы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аԥсны аолимпиатә еилакы аиҳабы Валери Аршба.
Sputnik

"Агәацԥыҳәара мацарала ашьапылампыл узырҿиом. Иахьа ахәмаррақәа аныҟоу ауаа неип, иахәаԥшым ҳәа аԥара ылырхӡом. Ашьапылампыл иахәаԥшыр зҭаху 100 мааҭк ишәеит ҳәа акгьы ихьуам, аспорт бзиа избо изы уи хьаам. Ус еиԥш ԥхьаҟа ҳазцаӡом. Аспорт ахылаԥшра, ацхыраара арҭалароуп аҳәынҭқарраҿы. Еснагь ус еиԥш ҟазҵало ауаа ҟаларым. Аԥсны аҩныҵҟа ахәмарра мацарала ашьапылампыл асыҩцәа рԥышәа зыҿиом, еизҳашьагьы рымам", — ҳәа азгәеиҭеит Аршба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.