Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы зҵаара хаданы изхәаԥшыз

Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба арадио аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахәашаҽны ԥхынҷкәын 21 рзы Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы зҵааара хаданы ишалкааз афымцамч ахәԥса арҳаракра.
Sputnik

"Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла, аҳәынҭқарратә биуџьеттә усбарҭақәа рзоуп афымцамч ахәԥса зацлаз. Уахь иаҵанакуам аҵаратә усбарҭақәеи агәабзирахьчаратә усбарҭақәеи.  Уаанӡа кьыловаттк азы 60 капеи ршәозҭгьы, уажәы 95 капеи ршәалоит.  Афымцамч ахәԥса ззацлаз рахь иаҵанакуеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аобектқәагьы. Ауааԥсыра ракәзар, уаанӡа ишыршәоз еиԥш 40 капеи ршәалоит", — ҳәа  азгәеиҭеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.