Арадио

Омар Ҭарба еиҭеиҳәеит Ҟрым имҩаԥысраны иҟоу "Кавказ" агастрольқәа ртәы

Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" адиректор Омар Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Ашықәс ҿыц ашьҭахь ансамбль Ҟрымҟа ишцо атәы.
Sputnik

"Ажьырныҳәа 15 рзы аусура ҳҭыҵуеит. Абжьааԥны еиԥшымкәа аныҳәақәа рынахыс заа аусура ҳалагоит, уи мзызс иамоугьы ансамбль агастрольқәа роуп. Жәабран аказы ааԥхьара ҳамоуп Ҟрымҟа, уа имҩаԥаагаран ҳаҟоуп х-концертк, ақалақьқәа Керчь, Симферополь, Севастополь рҟны.  Уахь ҳцаанӡа Аҟәа ахәаԥшцәа Аҳәынҭқарратә филармониаҿы ирыдаагалоит аихшьаалатә концерт", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.