Арадио

Ахсалба еиҭалҳәеит Аԥсны аекологиатә институт аҿы имҩаԥысуа аҭҵаарақәа ртәы

Аԥсны аекологиатә институт аузуҩ, ААУ адоцент, афизика-математикатә наукақәа ркандидат, Асида Ахсалба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьа аинститут аҿы аусура шышьақәгылоу атәы.
Sputnik

"Иахьа аекологиатә институт агидро-физикатә аҟәшаҿы аус руеит зԥышәа ҳараку аспециалистцәа. Имаҷзаргьы, аус руеит аҿаргьы. Иҭырҵаауеит амшын иадҳәалоу апроцессқәа, иаҳҳәозар, амшынӡы аԥхарра аҳаракра. Ашықәс аҩныҵҟа имҩаԥысуеит аиҭакрақәа, аҳауатә еиҭакрақәа еиҿырбааны аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит. Афизикеи ахимиеи рыпроцессқәа, реилазаашьа анализ азыруеит, арҭ акрызҵазкуа зҵаарақәоуп. Аекологиатә институт аҿы аус зуа рхыԥхьаӡара рацәамзаргьы, урҭ рахьынтә иҟоуп ААУ аушьҭымҭацәагьы. Иҭаҳҵаауеит еиуеиԥшым хкы рацәала Аԥсны аԥхьаҟа аҿиаразы ихәарҭоу азҵаарақәа: аҳауатә ԥсахрақәа, амшын амазара, уи анализ азура", — ҳәа азгәалҭеит Ахсалба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.