Арадио

Хәарааԥҳа: аҭаацәа ахәыҷы иԥсҭазаара еснагь иазҿлымҳазароуп

Ахәыҷқәа рааӡараҿы ашколи аҭаацәеи рлагала атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы лгәаанагара лҳәеит ан, анду Кама Хәарааԥҳа.
Sputnik

"Аҭаацәа ирыхшази дареи аиҿцәажәара рымаӡам, рҳәоу еиқәшәам, рыбызшәа ак акәӡам. Ахәыҷы еснагь акы дазҵаауеит, убри аамҭазы аҭаацәа ишырзыманшәалоу еиԥш ателефон инапы инаркны рхатә усқәа ҟарҵоит. Ахәыҷы ахәыҷбаҳчахь данца инаркны иҿцәажәара уалагароуп. Аҭаацәа ахәыҷы иԥсҭазаара еснагь иазҿлымҳазароуп. Ахәыҷы изҳацыԥхьаӡа амаӡақәа изцәырҵлоит, урҭ иҵәахлоит. Агәрагара анмаҷха, ахәыҷы иакәым ахь дкылнагар ауеит ", — ҳәа азгәалҭеит Хорааԥҳа.