Арадио

Карчаа: Аԥсны аԥкьаҭымпыл маҷ аԥеиԥш амоуп егьырҭ аспортхкқәа реиԥшгьы

Аԥсны аԥкьаҭымпыл маҷ афедерациа ахада Беслан Карчаа арадио Sputnik аҟны иҳәеит зҽазыҟазҵо ахәыҷқәа рзы Аԥсны анҭыҵ атурнирқәа рылахәхара аԥышәа ду шырнаҭо.
Sputnik

"Аԥсны аԥкьаҭымпыл маҷ аԥеиԥш амоуп егьырҭ аспортхкқәа реиԥшгьы. Азыҟаҵаҩцәа аус заҳуа алҵшәазы ауп. Ахәыҷқәа аԥышәа дырҳарцаз аицлабрақәа ирацәаны рҽаладырхәлароуп. Усҟан ауп аԥкьаҭымпыл маҷ амҽхак аҽанарҭбаауагьы. Сынтәа алшара ахьҳамаз Урыстәыла имҩаԥысуаз атурнирқәа ҳхы рылаҳархәит. Атурнирқәа рылахәхаразы ааԥхьара аҭахым, алшара умазар, аԥара ыҟазар, иарбан турнирзаалак ухы алаурхәыр улшоит, аха ус еиԥш ҳара иаҳзыҟаҵом", — ҳәа азгәеиҭеит Карчаа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.