Арадио

Ҭаниаԥҳа: амилаҭ еилаԥса иаҳнаҭо атәым нырра ҳхы ацәаҳахьчалароуп

Аԥсны инхо атәым милаҭқәа ахымҩаԥгашьаҿы аԥсуаа иаҳҿыԥшуа аҟаҵара ҳуалуп ҳәа азгәалҭеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ева Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Sputnik

"Амилаҭ еилаԥса ахьыҟоу ақалақь аҿы цәгьарак ҟазҵаз иаразнак аԥсуа иоуп ҳәа схахьгьы иаазгом. Еиҳарак аԥсуаа ахьҳакәу Аԥсны инхо, иаҳа ҳхы иадаҳхәалоит, аха иҳаланхо ҳара аԥсуаа ҳхымҩаԥгашьа иахәаԥшны, иҳацлабны, ҳаиӷьхандаз ҳәа рҳәо иҟаҵатәуп. Акызаҵәык, ахәыҷқәа адәаҿы еицлабуеит, убри иахылҿиаауазаргьы ҟалоит зны-зынла ииашамкәа рхымҩаԥгашьа. Ҳмилаҭ аилаԥсара иаҳнаҭо атәым нырра ҳхы ацәаҳахьчалароуп", — ҳәа азгәалҭеит Ҭаниаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.