Арадио

Аҩӡба Аҟәатәи Арт-маркет азы: амаҭәар ԥшӡақәа рнаҩсгьы афатә ӡыргоуп

Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба арадио аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҟны Арт-маркет шымҩаԥысуа.
Sputnik

"Арт-маркет иалахәыз рыдагьы уаҟа ицәыргоу ҳбап ҳәа инеизгьы рхыԥхьаӡара маҷымызт. Урҭ рахьынтә аӡәырҩы иааиуа Ашықәс ҿыц аныҳәазы маҭәарқәак аахәаны ҳамҭас иргон. Иазгәаҭатәуп, ас еиԥш Арт-маркет фынтәны ишымҩаԥысуа. Раԥхьа ианалагоз 18-ҩык алахәын, сынтәа 75-ҩык рҟынӡа", — иҳәеит  Аҩӡба.

Аҟазацәа рџьармыкьа Ашықәс ҿыц аламҭалазы ҩымш аус ауеит, ԥхынҷкәын 23 ахәылбыҽханӡа. Уаҟа ирҭиуа анаплыхқәа ирыхҭныҵуа  аԥара ахәҭак, ахшара рацәа змоу, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭацәарақәа рыцхыраара иазыркуеит.