Арадио

Папаа: ашколи аҭаацәеи ахәыҷқәа рааӡаразы аҭакԥхықәра еиҩыршоит

Ахәыҷқәа рааӡараҿы ашколи аҭаацәеи рлагала азы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы игәаанагара иҳәеит Гал араион, Бачаратәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәа арҵаҩы Анри Папаа.
Sputnik

"Ашколи аҭаацәеи хымԥада, аимадара рыбжьазароуп. Ахәыҷқәа рааӡара ашкол мацара иаджьылан иҟалом. Абызшәеи ахымҩаԥгашьеи ашкол анаҩс аҩнгьы иддырҵалароуп. Ахәыҷқәа рлеишәа урҭ рыԥсҭазаараҿы аб, ахаҵа иҟамзааара анырра анаҭоит.  Ааӡара апроцесс ашкол ишаду еиԥш аҭаацәагьы ирыдуп", — ҳәа азгәеиҭеит Папаа.