Арадио

Аҟалӷьба: Абгархықәаа ҳамҩа аиҭашьақәыргылара - ус мариам

Абгархықә амшцәгьақәа ирыхҟьаны аӡиас амҩа ианаҭаз аԥхасҭа шырҽеихо ҳақәдыргәыӷит аиҳабыра, аҭагылазаашьа еицәамхарц аамҭалатәи аусурақәа мҩаԥгоуп ҳәа азгәеиҭеит аҭыԥаҟны Sputnik акорреспондент Cариа Кәарцхьиаԥҳа дзыҿцәажәаз анхаҩы, ақыҭа абыргцәа рхеилак аиҳабы Лиосик Аҟалӷьба.
Sputnik

"Араион аҟынтәи иара убас Аҟәантәи иааны аиҳабыра игәарҭахьеит аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Аамҭалатәи аусурақәа ҳәа аӡы хәыҷык имҩахыганы иҟарҵеит. Аӡиас Ӡбаарҭа ахьӡуп, амшцәгьақәа раан ихыҵуеит, амҩа иачычоуп, иазааигәоуп. Шықәсыкала знык-ҩынтә амшцәгьақәа раан аԥхасҭа ҟанаҵоит", — иҳәеит Аҟалӷьба.

Анхаҩы иазгәеиҭеит  амҩаҟны машәырк ҟамларц азы ахаҳәтә ԥынгылақәа шышьҭарҵаз.